Урыстәыла, Белгородтәи абласт аҟны аҭагылазаашьа ҷыда арежим рылаҳәоуп
Урыстәыла, Белгородтәи абласт аҟны аҭагылазаашьа ҷыда арежим рылаҳәоуп

Урыстәыла, Белгородтәи абласт аҟны аҭагылазаашьа ҷыда арежим рылаҳәоуп, – ааицҳаит аобласт агубернатор Виачеслав Гладков.

Гладков иажәақәа рыла, Белгородтәи аобласт аҟны аҭагылазаашьа цәгьоуп.

“Украина абџьармчқәа ахысра иаҿуп, еилаҳауп аҩнқәа, ахәрақәа зауз иҟоуп, иҭахеит аҭынч тәылауаа”, – ааицҳаит Гладков.

Агубернатор идыррақәа рыда, Урыстәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаиҵоит Курск еиԥш Белгород аҟныгь афедералтә ҭагылазаашьа ҷыда рыларҳәарц.