Урыстәыла Азкызаара ҷыда змоу аракетатә мчқәа разыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит
Урыстәыла Азкызаара ҷыда змоу аракетатә мчқәа разыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит

Урыстәыла Азкызаара ҷыда змоу аракетатә мчқәа разыҟаҵарақәа мҩаҧнагоит.

Аҵыхәтәантәи амзазы абри аҩыза азыҟаҵарақәа иҩынтәны имҩаҧысуеит.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, аракетатә комплексқәа  «Иарс» рхархәарала азыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит  Мари Ел ареспубликаҿы.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, астратегиатә ракетатә комплекс  «Иарс» аконтинентбжьаратә баллистикатә ракетақәа рыла еибыҭоуп, арҭ аракетақәа  11 нызқь километр ихараны ихысуеит.