Урыстәыла аусԥшааратә комитет аинформациала, украинатәи анационалистцәа „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара рҽалархәра зырҵабыргуа афактқәа роуит
Урыстәыла аусԥшааратә комитет аинформациала, украинатәи анационалистцәа „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара рҽалархәра зырҵабыргуа афактқәа роуит

Урыстәыла аусԥшааратә комитет аинформациала, украинатәи анационалистцәа „Крокус Сиҭи Ҳолл“ аҿы иҟалаз ажәылара рҽалархәра зырҵабыргуа афактқәа роуит.

“Иаанкылоу атерористцәа рҟынтә иҳауз адыррақәеи атехникеи, афинанстә операциақәеи рнализ шьаҭас аҭаны еилаҳкааит урҭ украинатәи анационалистцәа рҟны аимадарақәа шрымаз”, – иануп Урыстәыла аусԥшааратә комитет аҳәамҭа аҿы.

Урыстәыла аусԥшааратә комитет аҟынтә ишаарыцҳаз ала, заанаҵҭәи аусԥшаара алҵшәақәа шьақәдырӷәӷәоит Крокус Сиҭи Ҳолл“ ажәылара заанаҵы шеиҿкааз.

Урыстәыла аусԥшааратә комитет аинформациала, атеракт анагӡаҩцәа Украинантә акриптовалиута шроуз зыршаҳаҭуа адокументқәа рымоуп.