Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Польша аҵакырадгьыл аҿы аракетақәа ркаҳара иазку адыррақәеи џьоукы иҟарҵаз аҳәамҭақәеи аескалациазы иҟаҵоу апровокациоуп
Польшатәи аихқәа Польша аҵакырадгьыл аҿы аракетақәа ркаҳара иазкны аладырҵәаз адыррақәеи џьоукы иҟарҵаз аҳәамҭақәеи аескалациазы иҟаҵоу апровокациоуп, – иануп Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа аҿы.
„Украина иаԥну Польша аҳәынҭқарратә ҳәааҿ иарбанзаалак ажәылара аҭыԥ амамызт“, –иануп аҳәамҭаҿ.