Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Москва ачарыц аекспорт иазку аиқәшаҳаҭраҿ аҽалархәра ааннакылеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра - Москва ачарыц аекспорт иазку аиқәшаҳаҭраҿ аҽалархәра ааннакылеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аиныормациа ала, Москва ачарыц аекспорт иазку аиқәшаҳаҭраҿ аҽалархәра ааннакылеит.

ВВС аинформациала, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, аӡбара рыдыкылеит Урыстәыла Амшын Еиқәа афлот аӷбақәа ржәылара ашьҭахь.

Урыстәыла ари ажәылара амҩаԥгаразы ахара рықәнаҵеит “Киевтәи арежими” “британиатәи аспециалистцәеи”.

Украинатәи аган аҳәамҭала, Урыстәыла аднакылаз аӡбара “апримитивтә аурыс шантаж” ауп.

Украинатәи апортқәа рҟынтә ачарыц аиагара иазку аиқәшаҳаҭра ԥхынгәы 22 рзы, Ҭырқәтәылеи ЕАР-и рыбжьаҟазарала рыбжьарҵеит.