Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, Сергеи Шоигу Украина аибашьрацәаҳәаҿы  дыҟоуп
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациала, Сергеи Шоигу Украина аибашьрацәаҳәаҿы  дыҟоуп

Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Украина аибашьрацәаҳәаҿы дыҟоуп, ари аинформациа аланарҵәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

Аинформациа инақәыршәаны, Шоигу арбџьармчқәа ахьгылоу аҭыҧқәеи аибашьратә позициақәеи гәаҭаны, арратә маҵзуҩцәа драцәажәеит.

Шоигу ивизит иазку аинформациа цәырган Владимир Путин Украина аибашьра акоординациатә штабаҿ дшыҟаз анеилкааха ашьҭахь.

Кремль адыррақәа рыла, Путин амш зегьы аштабаҿ имҩаҧигеит.