Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла атәыла аарегионк рҿы аҳауахьчаратә система украинатәи аԥырҩы дызҭам 117 аппаратқәа канажьит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла атәыла аарегионк рҿы аҳауахьчаратә система украинатәи аԥырҩы дызҭам 117 аппаратқәа канажьит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла атәыла аарегионк рҿы аҳауахьчаратә система украинатәи аԥырҩы дызҭам 117 аппаратқәа канажьит. Аусҳәаҭа аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, ажәыларақәа мҩаԥган Курсктәи,Воронежтәи, Белгородтәи, Волгоградтәи, Бриансктәи, Орелтәи, Ростовтәи, Нижний Новгородтәи аобластқәа рганахьала.

Иҟоу адыррақәа рыла, ажәыларақәа аԥсыҭбарақәа рыцым, аха аԥырҩы дызҭам аппарат аԥҽыхақәа корпуск ақәҳаит.

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, украинатәи аԥырҩы дызҭам аппаратқәа Нижний Новгород иҟоу авиабаза акәын цәҟьарас ирымаз.