Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра  - Украина  "Атакамсқәа" рыла Ҟрым иажәылеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра  - Украина  "Атакамсқәа" рыла Ҟрым иажәылеит

 

Урыстәыла ишаанацҳаз ала, Украина, атактикатә абаллистикатә ракетақәа  «Атакамс»  рыла Ҟрым иажәылеит, иара убас, урыстәылатәи арегионқәа рхырхарҭала  60 иреиҵамкәа адронқәа дәықәырҵеит, урыстәылатәи анефҭ аус адуларатә закәад аҧхасҭа аиуит. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, урыстәылатәи аҳаирхьчаратә системақәа Ҟрым аханы иқәырхит америкатә атактикатә абаллистикатә ракетақәа  «Атакамс» 9 цырак,  Краснодартәи атәылаҿацәаҿ 57 адронқәа карыжьит,  Белгород з дронк.  Адронқәа рыла ажәылара амшала Краснодартәи атәылаҿацәаҿ анефҭ аус адуларатә зауад аҧхасҭа аиун, аусура иаҟәыҵит.

«Реитер» адыррала, украинатәи аган ари ажәылара иазкны аинформациа аланарҵәом.