Урыстәыла арратә мауҵзура ахысра зықәнаго рықәра 30 шықәсанӡа ишьҭыҵит
Урыстәыла арратә мауҵзура ахысра зықәнаго рықәра 30 шықәсанӡа ишьҭыҵит

Урыстәылатәи Аҳәынҭәарратә Дума аҩбатәи ааԥхьарала шьақәнарӷәӷәеит арратә мауҵзура ахысра зықәнаго рықәра 30 шықәсанӡа ашьҭыҵра иазку  азакәан. Ҵаҟатәи аҳәаа 18 шықәс аанхоит.

Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу идыррақәа рыла, азакәанпроект актәи аверсиала ақәра 21 шықәсанӡа шьҭыҵуан, ари аверсиа рыдыркылеит рашәаразы, аха иҳаҩсыз амчыбжь азы азакәанԥҵаратә аԥшьгара аԥсахра алалеит. Думатәи акомитет аԥсахра шьақәнарӷәӷәеит