Урыстәыла анапхгара Европатә ахеилак жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра аҟнтә алҵра апроцедура иалагеит
Урыстәыла анапхгара Европатә ахеилак жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра аҟнтә алҵра апроцедура иалагеит

Урыстәыла анапхгара Европа ахеилак жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрантә алҵра апроцедура алагеит. ВВС аурыс абиуро аинформациа ала, ԥхынҷкәын 30 рзы икьыԥхьын аиҳабыра рықәҵара, уи ала Владимир Путин иашьашәалоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрантә алҵра иҳәоит.

Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, Владимир Путин иашьашәалоу аԥшьгара Дума адигалароуп.

Украинаҿ аинтервенциа ашьҭахь Европа ахеилак Урыстәыла алахәыла-тәыла азинқәа ааннакылеит. Иара убас ихыркәшан ауаҩытәыҩса изинқәа евроаптәи аконвенциаҿ алахәызаара.

Урыстәыла, ауаажәларратә ԥсҭазаара ахырхарҭақәа ирызку аконвенциақәа зегь рҟынтә алҵра аҭахуп, урҭ иреиуоуп ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара, аԥара аӡәӡәара, атероризм афинантә цхыраара уҳәа уб.егь.