Урыстәыла ахада иадминистрациа адыррала, «Амшынеиқәатәи арыцтә аиқәшаҳаҭра» аанкылоуп.
Кремль пресс-спикер Дмитри Песков ишиҳәаз ала, Урыстәылаҟны иззеиқәшаҳаҭхаз аҭагылазаашьақәа рыхәҭак инагӡамызт.
«Фактла иуҳәозар, иахьа инаркны амшынеиқәатәи аиқәшаҳаҭра аанкылоуп. Урыстәыла ахада ишиҳәаз ала, аҿҳәара нҵәеит ҧхынгәы 17 рзы. Рыцҳарас иҟалаз, Урыстәылаҟны иззеиқәшаҳаҭхаз аҭагылазаашьақәа рыхәҭак иахьагьы инагӡам. Убри аҟынтә, аиқәшаҳаҭра аанкылоуп», — иҳәеит Песков.
Кремль аофициалтә хаҭарнак ишиҳәаз ала, Урыстәыла иадҳәалоу аҳәарақәа анынарыгӡалак ашьҭахьҵәҟьа, Москва, зыҧшра ҟамҵакәа, «арыцтә еиқәшаҳаҭра» иазыхынҳәуеит.