Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина аиланхарҭақәа абомбақәа ақәрыжьит, аҭынч тәылауаа рыбжьара аԥсыҭбарақәа иҟоуп
Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина аиланхарҭақәа абомбақәа ақәрыжьит, аҭынч тәылауаа рыбжьара аԥсыҭбарақәа иҟоуп

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина аиланхарҭақәа абомбақәа ақәрыжьит, аҭынч тәылауаа рыбжьара аԥсыҭбарақәа иҟоуп.

Украина аштаб хада аинформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, аурыс аруаа Украина атәылауаҩратә инфраструктуреи арратә позициақәеи рхырхарҭала аракетатә хәжәылареи 25 авиациатә хысрақәеи мҩаԥыргеит, иара убас 30-нтә ахысрақәа нагӡан аракетатә системақәа рҟынтә.

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина аҵакыраҿ ажәылара мҩаԥыргеит аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыла. Ажәыларақәа мҩаԥган Донецки, Сумыи, Харькови, Лугански, Запорожиеи, Днепропетровски, Херсони рхырхарҭала.