Урыстәыла ала импыҵахалоу Севастополь анефҭбазаҿ абылра ҟалеит
Урыстәыла ала импыҵахалоу Севастополь анефҭбазаҿ абылра ҟалеит

Аҧырҩы дызмам аҧырратә аппаратқәа рыла Урыстәыла ала импыҵахалоу Севастополь иҟоу анефҭбаза ажәылара амшала, абылтәы зҭаз ацистернақәа амца рыцралеит.

Аинцидент ҟалеит иахьа шьыжьымҭан, Аказакцәа ршыцәа иазааигәаны.  Урыстәыла ампыҵахалатә администрациа анапхгаҩы, ақалақь агубернатор Михаил  Развожаев ишиҳәаз ала,  абылра иалагеит  1000 аквадраттә метр аҵакыраҿ, анефҭ зҭаз 4 резервуарк амца рыцралеит. Иара иҳәамҭала, ауаа акгьы рмыхьит.

Уажәазы амца дырцәахьеит.