Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿы  «урыстәылатәи АИХ ирыдҳәаланы адискриминациатә политика мҩаҧызго» аҳәынҭқаррақәа еиқәырыҧхьаӡеит, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿы  «урыстәылатәи АИХ ирыдҳәаланы адискриминациатә политика мҩаҧызго» аҳәынҭқаррақәа еиқәырыҧхьаӡеит, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿы  «урыстәылатәи АИХ ирыдҳәаланы адискриминациатә политика мҩаҧызго» аҳәынҭқаррақәа еиқәырыҧхьаӡеит, урҭ иреиуп Қырҭтәылагьы.

Атәым ҳәынҭқаррақәа рыла урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара азҵааразы Аҳәынҭқарратә Дума акомиссиа анапхгаҩы Васили Пискариов ишиҳәаз ала, урыстәылатәи АИХ  рдискриминациа иахәҭоу аҭак аиуеит.

Адепутат иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи хәышықәса рыла иҟаҵаз анализ аанарҧшит урыстәылатәи амедиахь зегьы раасҭа агрессиа аазырҧшуа атәылақәа, урҭ роуп  Латвиеи, Франциеи, Молдовеи, Польшеи, Литвеи, Украинеи, Америкеи, Британиа Дуи, Қырҭтәылеи, Германтәылеи, Канадеи, Естониеи, Румынтәылеи. Латвиеи, Украинеи, Франциеи урыстәылатәи АИХ рзы адискриминациатә ауранагӡара аганахьала алидерцәоуп.

«Араҟа ҳалацәажәоит аофициалтә уснагӡатәқәа рзы аккредитациазы мапкреи, абанктә маҵзуразы мапкреи, адырраҭара аанкылареи, азанааҭтә усуразы аурыс журналистцәа раанкылареи», — иҳәеит  Пискариов.