Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Украина импыҵахалоу ҧшь-регионк Урыстәыла адҵара иақәшаҳаҭхеит
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Украина импыҵахалоу ҧшь-регионк Урыстәыла адҵара иақәшаҳаҭхеит

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума алахәылацәа Украина импыҵахалоу ҧшь-регионк Урыстәыла адҵара еицҿакны иақәшаҳаҭхеит.

Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәла ала иқәыргылаз анапхгаҩцәа рҟны рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрақәа цәыригеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.  Сергеи Лавров Америка ахарадҵарақәа рацәа азықәиргылан, ишиҳәаз ала, Москва, Украина  иқәынхо аурысцәеи урысшәала ицәажәо ауааҧсыреи рыхьчара азин амоуп.

Уаҵәы, Афедерациа Ахеилак, зыӡбахәы ҳәоу украинатәи ҧшь-регионк  Урыстәыла адҵара иақәшаҳаҭхароуп.

Урыстәыла ахада Украина ҧшь-регионк Урыстәыла адҵара иазку аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит цәыббра 30 рзы.