Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аспикер Виачеслав Володин арратә маҵзура зыхәҭоу  ауааҧсыра рзы аҳәаақәа рыркра иазку аинициатива дақәшаҳаҭхеит
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аспикер Виачеслав Володин арратә маҵзура зыхәҭоу  ауааҧсыра рзы аҳәаақәа рыркра иазку аинициатива дақәшаҳаҭхеит

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аспикер Виачеслав Володин арратә маҵзура зыхәҭоу  ауааҧсыра рзы аҳәаақәа рыркра иазку аинициатива дақәшаҳаҭхеит. ВВС аурыс маҵзура ишаанацҳаз ала Володин ари атәы иҩит Telegram-каналаҿ.

«Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп,   «Урыстәылатәи афедерациаҿы амобилизациатә азыҟаҵареи  амобилизациеи иазку» азакәан инақәыршәаны,  арратә маҵзура зыхәҭоу ауааҧсыра,  аркоматқәа рзин рымамкәа,  рынхарҭаҭыҧ ааныжьра  азин рымам», — иҳәеит  Володин.

Цәыббра 21 рзы Урыстәыла хәҭалатәи амобилизациа анрыларҳәа ашьҭахь,  атәылауаа атәыла ақәҵра иалагеит.