Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара амаҵзура ишьақәнарҕәҕәеит аҳәаатә пункт  «Аҩадатәи  Ларс» аҿы ахылаҧшра шдырҕәҕәаз
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара амаҵзура ишьақәнарҕәҕәеит аҳәаатә пункт  «Аҩадатәи  Ларс» аҿы ахылаҧшра шдырҕәҕәаз

Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара амаҵзура ишьақәнарҕәҕәеит аҳәааҿы аиҿкаара аиқәыршәара амзызла,  аҳәаатә пункт  «Аҩадатәи  Ларс» ашҟа акәылӡтранспортиор  шдәықәырҵаз.

«Акәылӡтранспортиор аҳәаа ахырхарҭала еиҭаҵуеит, аха,  аҧыҧшырҭа аргылара ҳгәы иҭам,  уи арезервистцәа аҳәаатә процедурақәа иахымскәа аушьҭратә пункт мчыла иахымсырц азоуп изыҟаҳҵо. Аҳәаа-аужьҭратә пункт абжьааҧнытә режим аҿы аус ауеит», — иҳәеит Урыстәыла аҳәаатә усбарҭа аусзуҩ.

Иахьа  «BBC» ишаанацҳаз ала, Урыстәыла амобилизациа анрыларҳәа ашьҭахь атәылаҿы активла аинформациа аларҵәара иалагеит  анапхгара аҳәаақәа адыркыр шыҟало.

Кремль апресс-спикер   Дмитри Песков иахьа ишиҳәаз ала, ари азҵааразы макьана аӡбара рыдрымкылацт.