Урыстәыла абахҭаҿ украинатәи ажурналист лыԥсҭазаара далҵит
Урыстәыла абахҭаҿ украинатәи ажурналист лыԥсҭазаара далҵит

Урыстәыла абахҭаҿ украинатәи ажурналист Викториа Рошьина лыԥсҭазаара далҵит.

Украина акоординациатә штаб апресспикер Петр Иаценко ишааицҳаз ала, Викториа Рошьина лыԥсра амзыз идырым.

Викториа Рошьна ҵыԥх, нанҳәазы, Украина мрагыларахьала Урыстәыла анапаҿы иҟоу аҵакырадгьыл аҿы хабарда дыӡит.

2024 шықәса мшаԥы азы Рошьина лаб Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ашәҟәы иоуит шәыԥҳа абахҭаҿ дҭакуп ҳәа.

Иҟоу адыррақәа рыла, Викториа Рошьина Таганрогтәи абахҭантә Москваҟа даниаргоз, амҩан дыԥсит.