„Уол сҭриҭ џьоурнал“ - Агәыҧ „Вагнер“ бџьартә ақәгылара ашьҭахь, Урыстәыла зранг ҳараку 13ҩык арратә офицарцәа аанкылан, урҭ рыгәҭа Сергеи Суровикингьы
„Уол сҭриҭ џьоурнал“ - Агәыҧ „Вагнер“ бџьартә ақәгылара ашьҭахь, Урыстәыла зранг ҳараку 13ҩык арратә офицарцәа аанкылан, урҭ рыгәҭа Сергеи Суровикингьы

Агәыҧ „Вагнер“ бџьартә ақәгылара ашьҭахь, Урыстәыла зранг ҳараку 13ҩык арратә офицарцәа аанкылан, урҭ рыгәҭа Сергеи Суровикингьы – ари аинформациа аланарҵәеит „Уол сҭриҭ џьоурнал“.

Аҭыжьымҭа ишану ала, Сергеи Суровикин Москва ҿыц абахҭа дҭакуп. Аҭыжьымҭа адыррала, Суровикин бџьартә ақәгылара далахәымызт, аха, уи шыҟалоз заанаҵы идыруан. Иаанкылаз аофицарцәа рыхәҭак иоурыжьҭит.

Аҭыжьымҭа ишану ала, Пригожин иқәгылара ашьҭахь, Кремль, усҟак зыгәра рымго аофицарцәа аарҧшны, аусура иамырхуеит.