Америка хада Трамп иҭаацәара иртәу иеиҭамҵуа амал аилахәыра, апартниорцәа рыцырхрааны, Қарҭ аихагыла рацәа зауа ахыбра ҿыц дыргылоит.
„Уол сҭриҭ џьорнал“ адыррақәа рыла, Трамп иеиҿкаара, аҭыҧантәи апартниорцәа рыцырхрааны, Қырҭтәыла аҳҭнықалақьаҿ 70 еихагыла зауа анхарҭатә комплекс – Trump Tower Tbilisi аргылара ргәы иҭоуп.
„Уол сҭриҭ џьорнал“ ишану ала, аргылара ахыркәшара ашьҭахь, уи Қарҭ зегьы реиҳа иҳараку хыбрахоит.
Астатиа ишану ала, Трамп уаанӡагьы Қырҭтәыла аихагыла рацәатә ахыбра ииргылар иҭахын, аха, аимакқәа рымшала, ари аидеиа мап ацәикит.
Иара убас, астатиаҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла абаланс зызу аизыҟазаашьақәа ирызҿлымҳауп, атәыла иазыманшәалоу аҭагылазаашьақәа рыла акапитал аиур аҭахуп.
Астатиа инақәыршәаны, апроект иалахәызаауеит ақырҭуа еилахәырақәа – Archi Group-и Biograpi Living-и.