Укриана аԥшыхәратә маҵзура хада анапхгаҩы - Аибашьра аиҭасымҭа нанҳәазы ҟалоит, активтә ақәԥарақәа ашықәс анҵәамҭазы ихыркәшоит
Украинеи Урыстәылеи реибашьра аиҭасымҭа нанҳәазы ҟалоит, – иҳәеит Укриана аԥшыхәратә маҵзура хада анапхгаҩы Кирилл Буданов “Сқаи ниус” аинтервиу аҿы.
Буданов иажәақәа рыла, аибашьра алҵшәақәа ирыбзлураны Урыстәыла аполитикатә напхгара ԥсаххоит.
„Аибашьра аиҭасымҭа нанҳәазы ҟалоит, активтә ақәԥарақәа ашықәс анҵәамҭазы ихыркәшоит. Аибашьра алҵшәақәа ирыбзлураны Урыстәыла аполитикатә напхгара ԥсаххоит. Ари апроцесс иалагахьеит, уи аанкылашьа амам. Путин ипсихо-емоциатәи афизикатәи ҭагылазаашьа шыцәгьу ашьақәырӷәӷәара ҳалшоит. Уи аамҭакала акымкуа чымазарақәа имоуп, урҭ иреиуоуп акьыба“, – иҳәеит Буданов.