Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәара ахԥатәи араунд хәажәкыра 7 рзы мҩаԥгахоит
Украинеи Урыстәылеи реиҿцәажәара ахԥатәи араунд ашәахьаҽны, хәажәкыра 7 рзы мҩаԥгахоит. Ари атәыа аарыцҳаит украинатәи аихқәа.
„Аиҿцәажәара ахԥатәи араунд ашәахьаҽны мҩаԥгахоит”, – иҩит “Феисбук” ихатә даҟьаҿ Давид Арахамиа.
Аиҿцәажәара амҩаԥгара аҭыԥ макьана идырым. Уаанӡа Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәара аҩраундк Беларус аҵакыраҿ мҩаԥган.