Украинатәи аштаб хада аинформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украина арбџьармчқәа ԥшьхырхарҭала аӷа 69 ижәылара иаҿагылеит
Украинатәи аштаб хада аинформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украина арбџьармчқәа ԥшьхырхарҭала аӷа 69 ижәылара иаҿагылеит

Украинатәи аштаб хада аинформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украина арбџьармчқәа ԥшьхырхарҭала аӷа 69 ижәылара иаҿагылеит.

Аштаб хада аҟынтә ишаарыцҳаз, аӷа ахадаратә мчқәа рконцентрациа Лимани, Бахмути, Авдеевкеи, Мариински рхырхарҭақәа рҿы иҟоуп. Активтә ақәԥарақәа мҩаԥысуеит Бахмути, Авдеевкеи, Мариински  ақалақьқәа рзы.

Украинатәи аган аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла украинатәи авиациа хәаахак мҩаԥнагеит ампыҵахалаҩцәа рконцентрациа ҭыԥ ахырхарҭала, ҭадырхеит аԥшыхәратә дрон.