Украинатәи ашәарҭадаратә маҵзура Украина амаҵзура ҷыдақәа пасатәии иахьатәи аусзуҩцәа иалахәуз урыстәылатәи ашпионтә каҭа аанарԥшит
Украинатәи ашәарҭадаратә маҵзура Украина амаҵзура ҷыдақәа пасатәии иахьатәи аусзуҩцәа иалахәуз урыстәылатәи ашпионтә каҭа аанарԥшит

Украинатәи ашәарҭадаратә маҵзура Украина амаҵзура ҷыдақәа пасатәии иахьатәи аусзуҩцәа иалахәуз урыстәылатәи ашпионтә каҭа аанарԥшит.

Украина арегионқәа рҿы имҩаԥгаз аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны иаанкылан хәҩык. Иаанкылоу ахаҿқәа дрыбжьоуп Украина Атәылахьчара аминистрра аԥшыхәратә аҟәша хадеи Украина адәныҟатәи аԥшыхәратә маҵзуреи ԥасатәи уажәтәи ачинҳаракҩцәа, иара убас Украина ашәарҭадаратә маҵзура арегионтә ҟәша аусзуҩ.

Украинатәи ашәарҭадаратә маҵзура аинформациала, аус афигурантцәа кураторк дрыман – Урыстәыла ашәарҭадаратә федералтә маҵзура аусзуҩ, уи уажәы импыҵахалоу Ҟрым дыҟоуп. Иаарԥшыз акаҭа хықәкыс аман Украина атәылахьчаратә мчқәеи астратегиатә ҵакы змоу аенергообиектқәа ирызку аԥшыхәратә дыррақәа раиуреи рышьҭреи.

Ахәҩык ачарҳәара ирхарадырҵоит. Урҭ заанаҵтәи аҭа́кра рықәҵоуп.