Украинатәи ақалақь Днепропетровск аҿы урыстәылатәи авиациа ажәылара амшала иҭахаз рхыԥхьаӡара 44-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Украинатәи ақалақь Днепропетровск аҿы урыстәылатәи авиациа ажәылара амшала иҭахаз рхыԥхьаӡара 44-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Украинатәи ақалақь Днепропетровск аҿы уарыстәылатәи авиациа ажәылара амшала аҩнеихагыла ду аҿы иҭахаз рхыԥхьаӡара 44-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, аԥшаара-аиқәырхаратә операциаан еиқәдырхеит 39-ҩык. Акорпус аракета аахара амшала ахәрақәа роуит 79-ҩык.

Ажьырныҳәа 14 рзы урыстәылатәи арбџьармчқәа еиҭах Украина атәылауаҩратә инфраструктура иажәылеит, украинатәи ақалақьқәа ирыларыжьит 38 аракетақәа, урҭ руакы, аракета  Х-22 Днипро ақалақьаҿ анхарҭатә ҩны иақәҳаит.