Украинатәи анапхгара рхаҭарнакцәа ишаарыцҳаз, Киев абомбақәа рытҟәацра амшала ааҩык ҭахеит
Украинатәи анапхгара рхаҭарнакцәа ишаарыцҳаз, Киев абомбақәа рытҟәацра амшала ааҩык ҭахеит

Киев абомбақәа рытҟәацра амшала ааҩык ҭахеит. Ари атәы аанацҳаит “Цензор нета” украинатәи анапхгара рхаҭарнакцәа рҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аларҵәара зауз аинформациала, ахәрақәа роуит 24-ҩык.

Уаанӡа Киев ахада Витали Кличко ишааицҳаз, Киев агәҭаны аԥжәарақәа ҟалеит.

Иара убас, Днепропетровски, Хмельницки Житомири аԥжәарабжьы гон. Аҭыԥантәи напхгара рхаҭарнакцәа ауааԥсыра рахь ааԥҳьара ҟарҵоит ахыҵәахырҭақәа рахь ииасырц.