Украинатәи амедиа адыррала, Урыстәыла, Киев ахырхарҭала, абаллистикатә ракета „Искандер“ дәықәнаҵеит
Украинатәи амедиа адыррала, Урыстәыла, Киев ахырхарҭала, абаллистикатә ракета „Искандер“ дәықәнаҵеит

Иахьа шьыжьымҭан, Урыстәыла, Киев ахырхарҭала абаллистикатә ракета „Искандер“ дәықәнаҵеит. Ари атәы ааицҳаит Киев аокругтә администрациа аиҳабы Сергеи Попков.

„52 мшы инагӡоз аангылара ашьҭахь, аҕа Киев азы аракетатә жәыларақәа рымҩаҧгара деиҭалагеит! Аракета Киевынӡа изымнаӡеит, аҳаиртә мчқәа уи Киев аҭаларҭаҿ икарыжьит“, – иҳәеит Попков.

Киев аокругтә администрациа аинформациала, Урыстәыла ала идәықәҵаз даҽа ҩ-ракетак адәаҿы икаҳаит, ахатә ҩнык аҧхасҭа аиуит. Иҭахаз ма ахәрақәа зауз ирзыкны аинформациа иҟам.