Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Урыстәыла Атәылахьчара министра аҟынтә аарыцҳаит Украина Севастополь аганахьала апилот дызмам аԥырратә апаратқәа рыла ажәылара мҩаԥнагеит
Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Урыстәыла Атәылахьчара министра аҟынтә аарыцҳаит Украина Севастополь аганахьала апилот дызмам аԥырратә апаратқәа рыла ажәылара мҩаԥнагеит

Урыстәыла Атәылахьчара министра аҟынтә аарыцҳаит Украина Севастополь аганахьала апилот дызмам аԥырратә апаратқәа рыла ажәылара мҩаԥнагеит. Ари атәы аарыцҳаит Украинатәи аихқәа.

Украинатәи аихқәа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны ишаанацҳауа, аԥхасҭа аиуит Урыстәыла Амшын Еиқәа афлот аӷбақәа, урҭ иреиуоуп “Иван Голубец”.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Севастополь ажәылара британиатә аспециалистцәа рнапхгарала мҩаԥган.

Севастополь ажәылара иазкны Киев аҿы аилкаақәа ҟарымҵаӡацт.