Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иаха украинатәи аҳаиртә мчқәа аԥырҩы дызҭам 35 урыстәылатәи аппарат рҟынтә 15 ҭадырхеит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иаха украинатәи аҳаиртә мчқәа аԥырҩы дызҭам 35 урыстәылатәи аппарат рҟынтә 15 ҭадырхеит

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иаха украинатәи аҳаиртә мчқәа аԥырҩы дызҭам 35 урыстәылатәи аппарат рҟынтә 15 ҭадырхеит.

„Украина аҳаиртә мчқәеи Украиа атәылаъьчаратә мчқәеи Николаеви, Сумыи, Черкасыи, Кировогради, Днепропетровски, Харькови, Херсони, Киеви рҿы аӷа аԥырҩы дызҭам 15 иаппарат аҭархара рылшеит“, – иануп аинформациа аҿы.

Урыстәылантә Донецктәи арегион ахырхарҭала  ишьҭын S-300 атип змоу азениттә ҩракетак.