Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи мчқәа Донецктәи аобласт, ақыҭа Веселое ааныркылеит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи мчқәа Донецктәи аобласт, ақыҭа Веселое ааныркылеит

Урыстәылатәи мчқәа Донецктәи аобласт, ақыҭа Веселое ааныркылеит, – аанацҳаит украинатәи апортал Deep Stat.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, ампыҵахаларатә мчқәа Донецктәи аобласт иаҵанакуа Личинноеи, Ивановкеи, Сергеевкеи, Желааннеи рҿы аԥхьагылара рымоуп.

Украина аштаб хада аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, урыстәылатәи мчқә 11 хырхарҭа рыла ажәылара мҩаԥыргеит. Украинатәи аган ишаанацҳаз ала, иҳаҩсыз  уахи-ҽни рыла 127 аидысларак ҟалеит.