Аконтржәылара аҳәаақәа ирҭагӡаны украинатәи арратә хәҭақәа Донецктәи аобласт аҿы ҩеиланхарҭак ихақәиҭыртәит.
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Одессатәи амшынтә хәҭақәа Донецктәи аобласт Сторожевое ақыҭа ахақәиҭтәра иазкны адырра аладырҵәеит. Ари аиланхарҭа 2022 шықәса хәажәкыра инаркны импыҵахалан.
“Аиланхарҭа арыцқьараан ҭадырхеит 50-ҩык рҟынӡа рашистцәа, ԥшьҩык итҟәаны иҳамоуп. Иахьа Стородевое аҿы аҳәынҭқарратә бираҟ хадыргалоуп, ас еиԥш иҟазаауеит аиланхарҭақәа зегьы рҿы”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Аиланхарҭа адеоккупациа ажәабжь шьақәдырӷәӷәеит Украина Атәылахьчара аминистрра аҟны.