Украинатәи АИХ адыррала, урыстәылатәи арбџьармчқәа Донецктәи атәылаҿацәаҿ иҟоу  Краматорс иалахысит, аӡәы дҭахеит
Украинатәи АИХ адыррала, урыстәылатәи арбџьармчқәа Донецктәи атәылаҿацәаҿ иҟоу  Краматорс иалахысит, аӡәы дҭахеит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Донецктәи атәылаҿацәаҿ иҟоу  Краматорс иалахысит. Ракетак ахәыҷбаҳча иазааигәаны икаҳаит. Аӡәы дҭахеит. Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Донецктәи атәылаҿацә анапхгаҩы Павел Кириленко иҳәамҭа шьаҭас иҟаҵаны.

Кириленко ишиҳәаз ала,  Краматорск  3 ракетак аларыжьит.

Анхарҭатә аа-ҩныки, хазхаҭалатәи ф-ҩныки, ҩ-хәышәтәырҭаки, ашколи, ахәыҷбаҳчеи аҧхасҭа ду роуит.