Украинатәи АИХ адыррала, адронқәа рыла Киев ажәылара амшала хҩык ҭахеит
Украинатәи АИХ адыррала, адронқәа рыла Киев ажәылара амшала хҩык ҭахеит

Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны,  урыстәылатәи арбџьармчқәа  адронқәа-камикаӡе рыла Киев азы имҩаҧыргаз ажәылара амшала хҩык ҭахеит. Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит Украина ахада иофис адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Киев ахада Витали Кличко ишааицҳаз ала, Киев ахырхарҭала идәықәҵан  28 апилотдатә аҧырратә аппаратқәа, урҭ реиҳара украинатәи аҳаирхыхьчаратә системала иқәхын.