Украина зехьынџьара аҳаиртә шәарҭарардырра ҟаҵоуп
Украина зехьынџьара аҳаиртә шәарҭарардырра ҟаҵоуп

Украина зехьынџьара аҳаиртә шәарҭарардырра ҟаҵоуп. Николаевтәи атәылаҿацә агубернатор Витали Клим иҳәамҭала,  хара имгакәа  урыстәылатәи агрессорцәа Украина ахырхарҭала идәықәырҵоит   60 раҟара аракетақәа.

Аҳаиртә шәарҭарардырра аҟаҵара иалагеит иахьа шьыжьымҭан асааҭ ааба инаркны,  Киевтәии, Житомиртәии, Винництәи атәылаҿацәқәа рҿы.

Telegram-каналқәа ишаарыцҳаз ала,  Урыстәылантә Украина ахырхарҭала идәықәҵоуп  «Х-101» аракетақәа.