Украина ргәы ишаанаго ала,  2024-2025 шықәсқәа рзы даҽа  400 нызқьҩык атәылауаа Украина иқәҵуеит
Украина ргәы ишаанаго ала,  2024-2025 шықәсқәа рзы даҽа  400 нызқьҩык атәылауаа Украина иқәҵуеит

Украина Амилаҭтә банк азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны,  иҵегьы имаҷымкәа атәылауаа Украина иқәҵуеит.

Ари аинформациа аладырҵәеит украинатәи АИХқәа.

Аинформациа ишану ала,   2024-2025 шықәсқәа рзы даҽа  400 нызқьҩык атәылауаа Украина иқәҵуеит.

Атәыла иқәҵыр зҭаху ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлоит Украина ирбгоу аенергосистема амшала. Ауаа акыраамҭа иалагӡаны афымца  рымам, аӡынразы арҧхагатә системада иаанхар ауеит.