Украина иҟоу Америка ацҳаражәҳәара Америка атәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара иадҳәаланы атәыла иалҵырц
Украина иҟоу Америка ацҳаражәҳәара Америка атәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара иадҳәаланы атәыла иалҵырц.
Ацҳаражәҳәара авеб-саит ишану ала, Урыстәыла аган аҟынтә арратә агрессиа амшала, атәылаҿы аҭагылазаашьа еицәахар ауеит, убри аҟынтә, Америка атәылауаа еиуеиҧшым акоммерциатәии хазхаҭалатәи атранспорттә хархәагақәа рыла атәыла алҵра алшара иазхәыцроуп.
Америка ацҳаражәҳәара адыррақәа рыла, адгьылтә мҩала Украина иалҵыр зҭаху Америка атәылауаа вариантқәак рыдаргалоит, дара атәыла иалҵыр рылшоит Польшеи, Словакиеи, Венгриеи, Румынтәылеи, Молдовеи рхырхарҭала. Иара убас, ацҳаражәҳәара Америка атәылауаа аинформациа рызцәырнагеит зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа рахь анеиразы инарыгӡаша аҧҟарақәа ирызкны.
Ажьырныҳәа 28 рзы Украина ахада Зеленски, атәым АИХ рзы имҩаҧигаз абрифинг аҿы адунеитә лидерцәа дрыҳәеит Урыстәылаҟны аибашьра иадҳәаланы «ртәылауаа ашәара рылаҵара иаҟәыҵырц» , избанзар уи Украина аекономика иаҧырхагоуп. Иара убас, Зеленски ишиҳәаз ала, ҳәынҭқаррақәак рыцҳаражәҳәарҭақәа русзуҩцәа рыхәҭак атәылантә ралгара иаҿуп, уи ииашам, избанзар, иара ишазгәеиҭаз ала, Украина «Титаник акәӡам, уи аҟынтә абналара аҭахым».