Украина F-16 атип змоу жәаҳаирпланк аиуит, 2024 шықәса анҵәамҭазы Киев иҵегьы 20 ҳаирплан арҭароуп
Украина F-16 атип змоу жәаҳаирпланк аиуит, 2024 шықәса анҵәамҭазы Киев иҵегьы 20 ҳаирплан арҭароуп

F-16 атип змоу 79 ҳаирпланқәа рҟынтә Украина жәаҳаирпланк аиуит. Аларҵәара зауз адыррақәа рыла,  2024 шықәса анҵәамҭазы Киев иҵегьы 20 ҳаирплан арҭароуп. Акьыԥхь “Економист” адыррақәа рыла, егьырҭ аҳаирпланқәа атәыла 2025 шықәсазы аиуроуп.

F-16 атип змоу аҳаирпланқәа раиура шьақәирӷәӷеит Украина ахада Володимир Зеленски.