Украина ахада Володимир Зеленски адгыларазы Саломе Зурабишвили иҭабуп ҳәа лаиҳәеит
Украина ахада Володимир Зеленски Украина аибашьра иалагеижьҭеи 1000 мшы ҵра инамаданы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили адгыларазы иҭабуп ҳәа лаиҳәеит.
“Адгыларазы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Қырҭтәыла адгылара ахәшьара ҳарак аҳҭоит, ҳтәылақәа аԥеиԥш ҭынч, аԥеиԥш алша шрымазаауа ҳақәгәыӷуеит”, – иҩит Х аҿы Володимир Зеленски.
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Украина аибашьра иалагеижьҭеи 1000 мшы ҵра инамаданы авидеоааԥхьара ҟалҵеит.