Украина ахада иофис аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла агазмҩангагаҿ  аԥжәара иадҳәалам
Украина ахада иофис аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла агазмҩангагаҿ аԥжәара иадҳәалам

Украина ахада иофис аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла агазмҩангагаҿ аԥжәара иадҳәалам. Украина ахада иофис ахаҭарнак Михаил Подолиак иажәақәа рыла, абри еиԥш аԥжәара амҩаԥгаразы атехникатәи афинанстәи ресурс дуқәа аҭахуп.

“Аԥжәараан ари зегьы измада? Урыстәыла мацара”, -иҳәеит Подолиак.

The Wall Street Journal астатиаҿы ишаныз ала, Украина ахада урыстәылатәи агазмҩангага “Северный поток” аԥжәара аплан  шьақәирӷәӷәеит, аха ЕАШ амаҵзура ҷыдақәа рыҳәарала, аплан анагӡара мап ацәикит.