Украина ахада иофис аинформациа ала, Урыстәыла итҟәаны ирымаз 45-ҩык "Азовсталь" ахьчаҩцәа рхы иақәиҭуп
Украина ахада иофис аинформациа ала, Урыстәыла итҟәаны ирымаз 45-ҩык "Азовсталь" ахьчаҩцәа рхы иақәиҭуп

Украина ахада иофис аинформациа ала, Урыстәыла итҟәаны ирымаз 45-ҩык “Азовсталь” ахьчаҩцәа рхы иақәиҭуп.

“Урҭ рыззегьы жәышықәса раԥхьа Азовтәи амшын аҟәараҿы ишьаҭаркыз агәыԥ амилаҭтә гваридиаа роуп. 35-ҩык асалдаҭцәеи асержантцәеи, 10-ҩык афицарцәеи. Урҭ иреиуп Мариуполь ахьчараан еибагаз аибашьҩцәагьы.  Иара убас урҭ дреиуп Урыстәыла ажәылара ашьҭахь 2.5 шықәса атҟәараҿ иҟаз аибашьҩы”, –  иҩит Андреи Ермак.

Урыстәыла аинформациа ала, имариамыз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь, хҩык аурыс аԥырҩцәа рхы иақәиҭуп.