«Аинформациатә қәыҧшылара абри аҩыза аинформациала иҭәуп. Иахьа ма уаҵәы Урыстәыла иҳабашьуеит ҳәа аинформациа аларҵәара иаҿуп. Ҳара ҳахиамызшәа, адунеи зегьы иҳадгылоит. Абри аинформациа зҵаарак ахылҵуеит — иҿыцу ак шәаҳама? Абри акәӡами 8 шықәса рыҩнуҵҟа ҳазлацәажәо? Абри зегьы 2014 шықәсазы иаламгеи? Уажәоума зымҽхак дуу аибашьра ашәарҭара анҵәырҵ? Ари ашәарҭара иҟоижьҭеи крыҵуеит. Аха, уажәы, уи иаҳа ирацәаны иалацәажәо иалагеит. Уажәы ҳҵакырадгьыл акәымкәа, ҳнервқәа иаҳа иржәылоит. Еснагь ашәара ҳалазарц азыҳәан», — иазгәеиҭеит Зеленски.
Атәыла ахада иҳәамҭала, уажәазы проблемак ауп иҟоу – ауаа ргәамҵра, дара ишәаны абанк аҧара алхреи, афатәаалыҵ аҭаҵәах аҟаҵареи, аинформациа ҧаршеи аларҵәареи иалагар ауеит.