Украина аҩныҵҟатәи  аусқәа рминистри уи ихаҭыҧуаҩи авиакатастрофаҿ иҭахеит
Украина аҩныҵҟатәи  аусқәа рминистри уи ихаҭыҧуаҩи авиакатастрофаҿ иҭахеит

 Украинатәи ақалақь Бровары агежьҧрыга акаҳараан иҭахаз ауаа иреиуп Украина аҩныҵҟатәи  аусқәа рминистр  Денис Монастырскии, актәи ихаҭыҧуаҩ Евгени Енини, аминистрра астатс-аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Иури Лубковичи. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи АИХ.

Зынӡа иҭахеит 16ҩык, урҭ рҟынтә жәҩык агежьҧрыга иақәтәан. Даҽа быжьҩык иҭахеит агежьҧрыга ахькаҳаз аҭыҧаҿы.  Урҭ рҟынтә ҩыџьа рықәра наӡам.

Аахақәа зауз 22ҩык рҟынтә  10ҩык ахәыҷқәа роуп.