Украина Атәылахьчаратә мчқәа рҿы ишьақәдырҕәҕәеит украинатәи арратә хәҭақәа Угледар ишалҵыз
Украина Атәылахьчаратә мчқәа рҿы ишьақәдырҕәҕәеит украинатәи арратә хәҭақәа Угледар ишалҵыз
Украина Атәылахьчаратә мчқәа рҿы ишьақәдырҕәҕәеит украинатәи арратә хәҭақәа Донецктәи атәылаҿацәаҿ иҟоу Угледар ақалақь ишалҵыз.
Украина аоператив-стратегиатә гәыҧ «Хортица» ишаанацҳаз ала, ақалақь амацәаз аҭакра ашәарҭара ахьыҟаз аҟынтә, арратә напхгара ақалақь аҟынтә арратә хәҭақәа ралгаразы аӡбара рыдыркылеит.
«Аҕа ацәыӡ ду шимазгьы, Угледар ампыҵахалара рҽазыркуан. Ақалақь азы ахылаҧшра ашьақәыргылара амзызла, аҕа афлангтә жәыларақәа мҩаҧигон, ақалақь иакәшаны игылар рҭахын. Иреиҳаӡоу анапхгара ақалақь аҟынтә арбџьармчқәа ралагара иақәшаҳаҭхеит», — иануп аҳәамҭаҿы.