Украина атәылахьчаратә мчқәа ишаарыцҳаз ала, уахынла Урыстәыла аҟынтә Украина ахырхарҭала ишьҭыз 11 дронқәа рҟынтә зегьы карыжьит
Украина атәылахьчаратә мчқәа ишаарыцҳаз ала, уахынла Урыстәыла аҟынтә Украина ахырхарҭала ишьҭыз 11 дронқәа рҟынтә зегьы карыжьит

Уахынла Урыстәыла аҟынтә Украина ахырхарҭала ишьҭын аԥырҩы дызҭам 11 аппаратқәа, Украина атәылахьчаратә мчқәа урҭ рыззегьы ҭадырхеит. Украина абџьармчқәа аҳауахьчаратә мчқәа реиҳабы Николаи Олешьук ишааицҳаз ала,аԥырҩыдызҭам аппаратқәа карыжьит Киеви, Днепропетровски, Харькови, Сумыи, Донецки рҿы.

Урыстәыла атәылахьчаратә усҳәарҭа аинформациала, уахынла Урыстәыла аҳауатә хыхьчаратә системақәа Белгородтәи Курсктәи арегионқәа рҿы украинатәи ԥшьдронк карыжьит.