Украина Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ ишаалыцҳаз, аурысцәа ажәылара мҩаԥыргоит Украина аҩада-мрагыларахьала
Украина Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ ишаалыцҳаз, аурысцәа ажәылара мҩаԥыргоит Украина аҩада-мрагыларахьала

Украина Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анна Малиар ишаалыцҳаз, аурысцәа ажәылара мҩаԥыргоит Украина аҩада-мрагыларахьала.

“Харковтәи арегион, Купианск аҟны ажәылара мҩаԥыргоитжьҭеи ҩымш ҵуеит. Ҳхы ҳахьчоит, аха ақәԥара цәгаьқәа мҩаԥысуеит, аҩганк рпоициақәа мышказы ҩынтә-хынтә ԥсаххоит”, – илҩит Малиар “Телеграмм” аканал аҿы.

Украина аофициалтә хаҿқәа ишаарыцҳаз, аурыс аруаа ари арегион ахь 100 000-ҩык иреиҳаны аруааи 900 цыра атанкқәеи иаргеит.