Украина ацхыраареи акоррупциа аԥырҟәҟәаареи рзы Еврокомиссиа ахылаԥшратә орган ҿыц аԥнаҵеит
Украина ацхыраареи акоррупциа аԥырҟәҟәаареи рзы Еврокомиссиа ахылаԥшратә орган ҿыц аԥнаҵеит

Украина ацхырааратә фонд аҳәаақәа ирҭагӡаны, Украина ацхыраареи акоррупциа аԥырҟәҟәаареи рзы Еврокомиссиа ахылаԥшратә орган ҿыц аԥнаҵеит. Еврокомиссиа аҿбамҭа рашәара 12 рзы Евроеидгыла аофициалтә журнал ианылеит.

Адокумент аҿы ишану ала, Еврокомиссиа аорган ҿыц  ԥшьҩык рыла ишьақәгылоуп, уи амч амоуп 2028 шықәса рашәара 30 рҟынӡа. Аиҿкаара Бриуссели Киеви рҿы аҟәша ҷыда азалырхуеит.

Еврокомиссиа аӡбамҭа ала, есышықәса аудитортә комиссиа феилатәарак мҩаԥыргароуп. Аудиторцәа Киев ашықәс азы фынтә иаҭаароуп.