Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак - Усзуҩцәақәак рҳәамҭақәа уамашәа иаабоит, дара Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аполитикатә ҭагылазаашьеи Украина имҩаҧысуа ахҭысқәеи еидырҳәалоит
«Усзуҩцәақәак рҳәамҭақәа уамашәа иаабоит, дара Қырҭтәыла аҩнуҵҟа аполитикатә ҭагылазаашьеи Украина имҩаҧысуа ахҭысқәеи еидырҳәалоит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Украина ацҳаражәҳәарҭа аофициалтә хаҭарнак Андреи Касанов иахьа ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
«Ақырҭуа жәлар аҩызарала иҳазныҟәоит. Уажәы Украина аукраинаа зегьы еибашьуеит. Ари аибашьра Европа ахьчара иазкуп, Қырҭтәыла ахьчарагьы иазкуп. Украина иацхраар зҭаху ақырҭуа иарбан партиоу дызлоу ҳәа аӡәгьы иазҵаауам, уи зегьы дара роуп. Сықәгылара Украина ахада иажәақәа рыла хсыркәшар сҭахуп: «Иахьа украинаа – азымиааира иасимволуп. Ахьӡ-аҧша амазааит Украина!», — иҳәеит Украина ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнак.