Украина аштаб хада - Урыстәылатәи ар ажәыларатә операциақәа мҩаԥганоит Бахмути, Авдеевкеи, Лимани рхырхарҭала
Украина аштаб хада - Урыстәылатәи ар ажәыларатә операциақәа мҩаԥганоит Бахмути, Авдеевкеи, Лимани рхырхарҭала

Урыстәылатәи ар ажәыларатә операциақәа мҩаԥганоит Бахмути, Авдеевкеи, Лимани рхырхарҭала; иара убас Куприанск ахырхарҭала атактикатә позициа аиӷьтәра рҽазыршәоит, – иануп  Украина аштаб хада аҳабсабырбаҿ.

Украина аштаб хада аҳасабырба инақәаршәыаны, Урыстәылатәи афедерациа Донецктәи аобласт административтә ҳәаа аанкылара аҭахуп, аха аманшәалара амам.

Украина аштаб хада аҟынтә ишаарыцҳаз, аӷа Украина иахьаҵанакуа акритикатә инфраструктуратә обиектқәа аҳауатәи аракетатәи жәылара амҩаԥгара ашәарҭа аанхоит. Украина арбџьармчқәа аракетатәи артиллериатәи хәҭақәа аҵыхәтәантәи амш азы урыстәылатәи ар аконцентрациатә ҩзонак абомбақәа рыларыжьит.