Украина аштаб хада - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина аракетатәи 26 авиациатәи жәыларақәа нрыгӡеит
Украина аштаб хада - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина аракетатәи 26 авиациатәи жәыларақәа нрыгӡеит

Иҳыаҩсыз уахт-ҿни рыла Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина аракетатәи 26 авиациатәи жәыларақәа нрыгӡеит. Ари атәы аарыцҳаит Украина аштаб хада аҟынтә.

Аларҵәара зауз адырақәа рыла, аурыс аруаа Украина арратәи атәылауаҩратәи обиектқәа аицҭырҟьаратә хысразы иҟоу ареактивтә системақәа рыла 60-нтә ирылахысит.

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа ихысуан Львови, Харкови, Донецки, Днепропетровски, Запорожиеи, Николаеви Винницеи рхырхарҭала. Аԥхасҭа роуит Запорожиетәи аобласт аҿы иҟаз хааглызырҭак. “Град” асистемала аурыс аруаа Николполь 40-нтә ирылахыситю