Украина аштаб хада - Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина  10 аракетатәи 29 авиациатәи жәыларақәа мҩаԥыргеит
Украина аштаб хада - Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина 10 аракетатәи 29 авиациатәи жәыларақәа мҩаԥыргеит

Украина аштаб хада аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина аганахьала 10 аракетатәи 29 авиациатәи жәыларақәа мҩаԥыргеит.

Аурыс аруаа атәылауаҩратә обиектқәеи арратә позициақәеи рхырхарҭала аицтҟьаратә ареактивтә системақәа рҟынтә 69-нтә ирылахысит.

Украина аштаб хада аҳасабырба инақәыршәаны, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Украина хәхырхарҭала ажәыларақәа нарыгӡоит – Купиански, Лимани, Бахмути, Авдеевкеи, Шахтери рхырхарҭала.